Мариам Қвривишвили Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диҧылеит
Мариам Қвривишвили Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Азербаиџьан ахада  Ильҳам Алиев диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит азербаиџьанәти амедиа.

Ильҳам Алиев Миариам Қвривишвили министрс лықәыргылара лыдныҳәаланы, ишиҳәаз ала, лара лвизитгьы ишьақәнарҕәҕәоит атәылақәа ҕәҕәала аус шеицыруа.

Мариам Қвривишвили гәыкала лыдкылареи лыдныҳәалареи азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәалҭаз ала, Азербаиџьан ахада иҧылара лара лзы ҳаҭыр дууп.

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟынтә асалам илҭеит.

Азербаиџьантәи амедиа адыррақәа рыла, Ильҳам Алиев гәахәарала игәалаиршәеит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь Иракли Кобахиӡе раҧхьатәи иофициалтә визит Азербаиџьан ишимҩаҧигаз. Алиев иҳәамҭала, уи Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызара ҕәҕәеи рыешьареи аганахьала иҿырҧшыгоуп.

„Ҩ-анктәи аизыҟазаашьақәа рҿы аусхәаҧштә ду ҳамоуп, уи еиуеиҧшым аусхкқәа ирыдкьыслоит. Аенергетикеи атранспорти аусхкқәа рҿы Азербаиџьани Қырҭтәылеи русеицуреи атәылақәа еицынарыгӡо астратегиатә проектқәеи ҩ-тәылак мацараз акәымкәа, арегион зегьы азы аҵакы ду рымоуп“, – иазгәаҭан аиҧылараҿы.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит  ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура арҭбаара ишазыхиоу. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Азербаиџьан Қырҭтәылазы ахәаахәҭратә партниор хадоуп. Аиҧылара алахәылацәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы апроектқәа реицынагӡара иазкны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.