Қырҭтәыла аҧыза-министри Азербаиџьан ахадеи рнапхгарала, ирҭбаау аформатаҿы, ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа реиҧылара мҩаҧган
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви ишиашоу реиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡан ирҭбаауп аформатаҿы, уи рхы аладырхәит ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун ҩ-тәылак рыбжьара азҳара иаҿу ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи ари аганахьала иҟоу апотенциал ду инаӡаны ахархәара аҵаки.
Аганқәа рхаҭарнакцәа аенергетика аусхкы аҿы апартниорра ҕәҕәеи Қырҭтәылеи Азербаиџьани еицынарыгӡо, арегионалтә ҵакы змоу апроектқәеи ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи аихамҩа ахадаратә роль нанагӡоит арегионалтә аимадара аиқәыршәара аус аҿы.
Қырҭтәыла аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Ҟвривишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патариӡеи. Азербаиџьантәи аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови, адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы атәыла ахада ибжьагаҩ Ҳикмеҭ Ҳаџьиеви, аекономика аминистр Миқаил Џьабарови, аенергетика аминистр Парвиз Шаҳбазови, аҧхьаӡацтә аҿиареи атранспорти рзы аминистр Рашид Набиеви, Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ахада Фаиг Гулиеви.