Ильҳам Алиев  - Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Болгариеи рыбжьара аимадара еиқәзыршәо даҽа проектк анагӡара ҳаҿуп 
Ильҳам Алиев  - Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Болгариеи рыбжьара аимадара еиқәзыршәо даҽа проектк анагӡара ҳаҿуп 

Аконтинентқәа рыбжьара аимадара аиқәырәшара аганахьала иҳамоу ақәҿиарақәа ҳрылаҽхәар ҳалшоит. Аихамҩеи автомобилтә мҩақәеи ринфраструктура аҧара алаҵара ала атрансбаҕәазазы  акорридор ҿыц ааҳартуеит, – иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Бақәа имҩаҧысуа  31-тәи аенергетикатә форум  аартра аофициалтә церемониаҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа,  Мрагылара-Мраҭашәаратә корридор, Зангезуртәи акорридор асахьала,  даҽа махәҭак иацлоит.

„Мрагылара-Мраҭашәаратә корридор қәҿиарала аус ауеит. Ари акорридор иацло даҽа махәҭак – Зангезуртәи акорридор хымҧаа иҳаргылоит 2025 шықәса нанҳәа  8 рзы, Аҩны шкәакәаҿ, Америка ахадеи, Шәамахьтәыла аҧыза-министри, сареи ҳнапқәа зҵааҩыз адокумент инақәыршәаны“, – иҳәеит Ильҳам Алиев.

Алиев Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроектгьы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, Азербаиџьан ари азҵааразы арегион атәылақәа  аус рыцнауеит.

„Аенергетикатә кабель иадҳәаланы, иахьа апартниорцәа зегьы аус рыцаауеит. Уи Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Болгариеи рыбжьара аимадара еиқәзыршәо проектуп, уигьы анагӡара ҳаҿуп“, – иҳәеит Алиев.