Михаил Ҟавелашвили Ильҳам Алиев диҧылеит 
Михаил Ҟавелашвили Ильҳам Алиев диҧылеит 

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диҧылеит.

Қырҭтәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра аҩаӡара ҳараки еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи иалацәажәеит.

„Аиҧылараҿы Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорра ҕәҕәа аҩаӡара ҳаракуп, ари апартниорра иаҳа арҭбаара – Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп. Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан уажәтәи агеополитикатә хҭысқәа раан арегионаҿ  аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара аҵакы ҷыда шамоу. Қырҭтәыла ахада Азербаиџьан ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Иара убас, Михаил Ҟавелашвили Ильҳам Алиев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсра иадҳәаланы Бақәа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭахь днеины адашшылара ахьыҟаиҵаз азыҳәан. Аиҧылара ашьҭахь, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев асас дахьқәа рышәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит“, – иануп Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аинформациаҿы.

Михаил Ҟавелашвилии Ильҳам Алиеви Қырҭтәыла апрезиденттә аханаҿ еиҧылеит.