Ильҳам Алиев - Қырҭтәылеи Азербаиџьани ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа рзы иҳырҧшыгоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа шьақәгылеит апатуеиқәҵареи агәреибагареи ашьаҭала 
Ильҳам Алиев - Қырҭтәылеи Азербаиџьани ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа рзы иҳырҧшыгоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа шьақәгылеит апатуеиқәҵареи агәреибагареи ашьаҭала 

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа рзы иҿырҧшыгоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа шьақәгылеит апатуеиқәҵареи агәреибагареи ашьаҭала», – иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Ильҳама Алиев иҳәамҭала, Қырҭтәыла – жәларбжьаратәи аекспорттә маршрутаҿ раҧхьатәи тәылоуп Азербаиџьан  адунеитә џьармыкьақәа рахь ахатә енергетикатә ресурсқәа рекспорт зламҩаҧнаго.

«Аенергетика ҳалацәажәозар, Азербаиџьан, еснагь аенергетикатә шәарҭадара иазҿалымҳан. Иахьа ҳаҧсабаратә газ  16 ҳәынҭқаррақәа рахь идәықәаҳҵоит, аха, аекспорт Қырҭтәылантә иалагоит, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала.  Қырҭтәыла – жәларбжьаратәи аекспорттә маршрутаҿ раҧхьатәи тәылоуп Азербаиџьан  адунеитә џьармыкьақәа рахь ахатә енергетикатә ресурсқәа рекспорт зламҩаҧнаго. Иара убас, Каспиатәи амшын аҟынтә, Азербаиџьан аҟынтә анефҭи аҧсабаратә гази Қырҭтәыла иалсны ицоит. Ҳара уажәтәи аинфраструктура ҳалацәажәеит. Аҵыхәтәантәи ҩажәашықәса ирылагӡаны қәҿиарала аус руеит амҩангага  Бақәа–Қарҭ–Џьеиҳани Аладатәи агазтә корридори. Ари аинфраструктура атәылақәа рацәа рзы аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара атранспорттә корридорқәа аҧҵаны, акырӡа иҳарҭбааит.  «Абжьаратә корридор» Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирылсны ицоит. Ари акорридор ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уи арҕәҕәареи аҿиареи ҳақәгәыҕуеит.

Инеизакны иуҳәозар, ҳусхәаҧштә даараӡа иҭбаауп, аҿыц темақәеи апроектқәеи ацлоит. Ҳара, иаҳзеиҧшу аинтересқәеи ҳаиҩызареи ҳреиҷаҳауеит, аигәыларатә, аешьаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ахаангьы абри амҩа ииаша ҳшанымҵуа. Аешьаратә ақырҭуа жәлар аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп», – иҳәеит Ильҳам Алиев.