Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев.
Ильҳам Алиев иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы.
Аҳаирбаҕәазаҿы Азербаиџьан ахада диҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
Аҳәынҭқарратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи дырҧылоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рҿы еиҧылоит, анеҩс, амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан ахада, Афырхацәа рашҭаҿы, Афырхацәа рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵоит, иара убас, Азербаиџьан амилаҭтә лидер Ҳеидар Алиев ҳаҭырла дигәалаиршәоит.