Мамука Хазараӡе  - Саакашвили Қырҭтәыла дыҟоу дыҟаму сыздырӡом, аха, дыҟазар, уи иаанагоит ҳара аҳәынҭқарра ҳамам ҳәа
Мамука Хазараӡе  - Саакашвили Қырҭтәыла дыҟоу дыҟаму сыздырӡом, аха, дыҟазар, уи иаанагоит ҳара аҳәынҭқарра ҳамам ҳәа

«Саакашвили Қырҭтәыла дыҟоу дыҟаму сыздырӡом, аха, дыҟазар, уи иаанагоит ҳара аҳәынҭқарра ҳамам ҳәа», — иҳәеит апартиа  «Лело»  алидер Мамука Хазараӡе.

Иара ишиҳәаз ала, ақырҭуа жәлар ҟәышуп, уаҵәы дара аиҭакрақәа ирыдгылоит.

«Сара авидеонҵамҭа збеит. Уи ииашазар, ҳара аҳәынҭқарра ҳамам, иарбанзаалак структурак ҳамам, аҳәаа ҳамам, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррагьы Ашәарҭадаратә маҵзурагьы, акымзаракгьы иҟам. Уи иаанаго акоуп, ҳҳәынҭқарра еихабгеит», — иҳәеит Хазараӡе.