Мамука Хазараӡе  - Гахариа излауа ала ирласны аӡбара идикылароуп, аиааирагаразы  уи аҵакы ду амоуп.
Мамука Хазараӡе  - Гахариа излауа ала ирласны аӡбара идикылароуп, аиааирагаразы  уи аҵакы ду амоуп.

«Апарламент ахыбраҿ еизаз ауаа азакәанҧҵаратә усурақәа рзымҩаҧыргом, избанзар, аоппозициатә мандатқәа раҧыхра ашьҭахь, дара  89 быжьқәа мацара рзаанхеит, атәылаҿы алегитимтә аӡбарақәа рыдкыларазы уи иазхом, — иҳәеит акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәәҕа» алидер Мамука Хазараӡе.

Хазараӡе иажәақәа рыла, Гахариа излауа ала ирласны аӡбара идикылароуп, аиааирагаразы  уи аҵакы ду амоуп.

«Доусы дшынхаша идыруеит, аха, ҳара, акаолициа  „Қырҭтәыла ҕәҕәа“, партниорцәас иҳамоу ҳдырузароуп. Биӡина Иванишвили иурыстәылатә мчра ала ари апарламентаҿ аанхара Урыстәылеи  Биӡина Иванишвилии ирыхәаша аусқәа рыҟаҵароуп иаанаго, арҭ аусқәа ақырҭуа интересқәа ирышьашәалам. Сара апарламент азҵаара ахыркәшаразы ааҧхьара ҟасҵоит. Излауа ала ирласны аҿыц алхрақәа рымҩаҧгареи абаандаҩцәа рхақәиҭтәреи азыҳәан,  аурыс-ақырҭуа напхгара  89 амандатқәа рыла иаанҳажьроуп», — иҳәеит  Мамука Хазараӡе.