Мамука Хазараӡе ашас ԥара аҳасабала 50 000 лари иқәырҵеит
Мамука Хазараӡе ашас ԥара аҳасабала 50 000 лари иқәырҵеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбаҩ иқәҵарала, “Лело Қырҭтәылазы” алидер Мамука Хазараӡе ашас ԥара аҳасабала 50 000 лари иқәырҵеит.

Аӡбамҭа идикылеит аӡбаҩ Арсен Калатозишвили.

Мамука Хазараӡе  2003–2012  шықәсқәа рзы атәыла иахагылаз аполитикатә ачынуаа роуранагӡара аҭҵааразы еиҿкааз апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьан, аха, дымнеит, убри аҟынтә,   иус апрокуратурашҟа идәықәҵоуп. Хәажәкыра 25 рзы Хазараӡе асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, иара аӡбаҩ-магистр диманы апрокуратурашҟа анеира дазыхиоуп.