Апрокуратура Мамука Хазараӡе ахара иднаҵеит Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа азакәантә аҳәара анамгӡаразы
Апрокуратура хада Мамука Хазараӡе ахара иднаҵеит Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа азакәантә аҳәара анамгӡаразы.
Апрокуратура аинформациа ишану ала, ахара зду ахаҿы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьеит аилыркаарақәа рыҟаҵаразы.
«Мамука Хазараӡе иашьашәалоу адокумент иоуит хәажәкыра 22 рзы, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа анеира шихәҭаз идыруан, иара убас, агәҽанҵара иоуит аилатәарашҟа дымнеир, азакәан инақәырәшаны аҭакҧхықәра шиқәырҵоз азы.
Мамука Хазарадзе ахара идуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 349 ахәҭаҷ ала. Апрокуратура, иҳәаақәҵоу аҿҳәара иалагӡаны, аӡбарҭа иадҵаалоит Хазараӡе аҧкратә усмҩаҧгатә изышьақәыргыларазы», – иануп Қырҭтәыла Апрокуратура хада аҳәамҭаҿы.