Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, абизнесмен Леван Џьангвелаӡе ишьра еиҿикааит Оҭар Ҧарцхалаӡе
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, абизнесмен Леван Џьангвелаӡе ишьра еиҿикааит Оҭар Ҧарцхалаӡе
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, абизнесмен Леван Џьангвелаӡе ишьра еиҿикааит Қырҭтәыла ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе.
Абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелаӡе. Иара иажәақәа рыла, Џьангвелаӡе ишьра аус аартуп.
«Џьангвелаӡе ишьра аус аартуп. Еизаҳгаз ашаҳаҭгақәа рышьаҭала, Қырҭтәыла Апрокуратура хада, Оҭар Ҧарцхалаӡе ашьауҕатә ҭакҧхықәра идҵаразы ақәҵара аднакылеит.
Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, Оҭар Ҧарцхалаӡеи иара еиҿикааз ацәгьауратә гәыҧи Леван Џьангвелаӡеи аимак рыбжьан Џьангвелаӡе ибизнес усура иадҳәаланы. Џьангвелаӡе иҟны аимак змаз егьырҭ ахаҿқәа рыдҵала, дара Џьангвелаӡе ишьра еиҿыркааит.
Леван Џьангвелаӡе ишьра анапхгара азиуан ҿыц еиҿкааз ацәгьауратә гәыҧ алидер Оҭар Ҧарцхалаӡе. Иара идҵала, аишьцәа Давиҭи Гьаргьи Миқаӡеаа зыгәра ргоз Гьаргь Џьохаӡе иацәажәан, ашьра аплан изеиҭарҳәеит.
Аҵәгьауратә гәыҧ алахәылацәа Џьангвелаӡе Қырҭтәылаҟа данаауа аамҭеи, иеиҭаҵра амаршрути еилыркаан, анеҩс, 2025 шықәса хәажәкыра 14 рзы Гела Уӡиаури Ҷавҷаваӡе имҩадуаҿ Леван Џьангвелаӡе дишьит.
Ашьра ҟазҵаз Гела Уӡилаури хара имгакәа дааныркылан, аҧсранӡа аҭакра иқәырҵеит.
Ари аус иадҳәаланы иара убас иаанкылоуп Гьаргь Миқаӡеи, Мамука Багдаваӡеи, Гьаргь Каҷкаҷашвили. Давиҭ Миқаӡеи Гьаргь Џьохаӡеи рыҧшаара иаҿуп. Иара убас, даанкылоуп Леван Џьангвелаӡе дызларшьыз абџьар зтәыз Сандро ҴивҴиваӡе.
Апрокурор идикылаз ақәҵарала, аҵәгьауратә гәыҧ анапхгаҩы Оҭар Ҧарцхалаӡе Леван Џьангвелаӡе хықәкыла ишьра аиҿкааразы ахара идуп. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 16 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа, ма аҧсранӡа аҭакра.
Оҭар Ҧарцхалаӡе изы жәларбжьаратәи аҧшаара рыларҳәоит», — иҳәеит Алеқсандр Дарахвелиӡе.