Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра – Оҭар Ҧарцхалаӡе ила  Қырҭтәыла атәылауаҩра ацәыӡра иазку аусеилыргара иалагеит
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра – Оҭар Ҧарцхалаӡе ила  Қырҭтәыла атәылауаҩра ацәыӡра иазку аусеилыргара иалагеит

Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра  иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Аҳәынҭқарратә маҵзура аҿиара агентра аусеилыргара иалагеит  Оҭар Ҧарцхалаӡе ила  Қырҭтәыла атәылауаҩра ацәыӡра иазку  азҵааразы.

Хара имгакәа, агентра аилкаа  Қырҭтәыла ахада лахь идәықәырҵоит.

«Ари азҵаарахь ауаажәларратә аинтерес ду шыҟоу иазҧхьагәаҭаны, аинформациа алаҳарҵәоит  Аҳәынҭқарратә маҵзура аҿиара агентра аусеилыргара ишалагаз   Оҭар Ҧарцхалаӡе ила  Қырҭтәыла атәылауаҩра ацәыӡра   азҵааразы. Иашьашәалоу апроцедурақәа рышьҭахь,  Қырҭтәыла атәылауаҩра аанкылара иазку алкаа  Қырҭтәыла ахада лахь идәықәырҵоит», — иануп адырраҿы.