Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишьақәдырҕәҕәеит Оҭар Ҧарцхалаӡе аусбарҭашҟа ишиҧхьаз, уажәы иара уаҟа дшыҟоу
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишьақәдырҕәҕәеит Оҭар Ҧарцхалаӡе аусбарҭашҟа ишиҧхьаз, уажәы иара уаҟа дшыҟоу

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ҧасатәи  Апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе аусбарҭашҟа ишиҧхьаз, уажәы иара уаҟа дшыҟоу.

Егьырҭ адетальқәа макьана ирылацәажәом.

Украинаҿ имҩаҧнаго аибашьра иадҳәаланы, Америка,   150 иреиҳаны афизикатәи аиуристтәи хаҿқәа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа дреиуп Қырҭтәыла ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе.

Америка  Аәҳынҭқарратә департаментаҿ Оҭар Ҧарцхалаӡе изкны аҳәамҭа аныҟарҵа ашьҭахь, цәыббра  15 рзы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ари азҵаара аҭҵаара иалагеит.