Flyone Кишиниовынтә Баҭым ахырхарҭала ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагеит

13:51, 29.06.2026

Авиаеилахәыра  Flyone Молдова аҳҭнықалақь Кишиниовынтә Баҭым ахырхарҭала ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қарҭтәии Баҭымтәии аҳаирбаҕәазақәа рнапхгаратә еилахәыра  „Тав Џьорџьиа“.

„Баҭымтәи аҳаирбаҕәазаҿы Кишиниовынтә раҧхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит. Аҳаирплан  Airbus 320 ала Кишиниовынтә Баҭым иаҭааит 182ҩык апассаџьырцәа, Баҭымынтә Кишиниовҟа идәықәлеит  161ҩык апассаџьырцәа.

Аҧхынразы авиаеилахәыра  Flyone Кишиниов-Баҭым-Кишиниов ареисқәа мҩаҧнагоит мчыбжьыкахь хынтә. Уажәазы ареисқәа мҩаҧысуеит  ашәахьеи аҧшьашеи рзы, аха, ҧхынгәы 14 инаркны, ахашагьы рыцлоит“, – иануп  „Тав Џьорџьиа“ аинформациаҿы.

Еиԥшу