Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра Оҭар Ҧарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра изаанкылатәуп ҳәа иҧхьанаӡоит
Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра Оҭар Ҧарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра изаанкылатәуп ҳәа иҧхьанаӡоит

Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра Оҭар Ҧарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра изаанкылатәуп ҳәа иҧхьанаӡоит, – ари аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра

Аминистрра адыррала, иашьашәалоу аихшьаала Қырҭтәыла ахада лахь идәықәырҵахьеит.

Қырҭтәыла атәылауаҩра аанкылара иазку аҵыхәтәантәи аӡбара лыдылкылоит Қырҭтәыла ахада.  Саломе Зурабишвили ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит. Цәыббра 19 рзы атәыла ахада ишылҳәаз ала, Ҧарцхалаӡе итәылауаҩра иадҳәаланы ахада ладминистрациаҿы изакәызаалак информациак иҟам,  атәылауаҩра имхра иазкны аҳәара рмоуӡацт.