Михаил Саакашвилии, Гьаргь Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елене Хоштариеи, Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ус хацыркуп
Михаил Саакашвилии, Гьаргь Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елене Хоштариеи, Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ус хацыркуп

Михаил Саакашвилии, Гьаргь Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елене Хоштариеи, Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ус хацыркуп.

Иахьа апрокуратураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла апрокурор хада Гьаргь Гваракиӡе.

«Апрокуратуреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи еицымҩаҧыргаз аусеилыргара ашьаҭала, аҳәынҭқарра иаҿагыло ацәгьаурақәа рзы ашьауҕатә ашьҭацалара иалагеит, арҭ ацәгьаурақәа роуп: асаботаж, атәым ҳәынҭқарра аҕатә ауранагӡара ацхраара,  Қырҭтәыла аконституциатә шьақәгылазаашьеи амилаҭтә шәарҭадареи иаҿагыло ауранагӡара аҧара азоушьҭра, иара убас, мчыла аконституциатә аиҿкаара аҧсахра ма аиҳабыра рыхҳәаразы аргама ааҧхьара аҟаҵара», — иҳәеит Гьаргь Гваракиӡе.

Апрокурор хада ишиҳәаз ала, Апрокуратура хада аӡбара иадҵаалт Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи рзы аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала ашас рықәҵареи, егьырҭ рзы азакәан ала иҳәаақәҵоу аҿҳәарақәа ирылагӡаны заанаҵтәи аӡбаратә аилатәара амҩаҧгара арыцхә ашьақәыргылареи азы.

Гваракиӡе иҳәамҭала,Украина аибашьра ианалага ашьҭахь, Қырҭтәыла анапхгара, атәылаҿы аҭынчра ахьчара амзызла, амилаҭтә шәарҭадара аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, Урыстәыла иаҿагыланы аекономикатә санкциақәа шьақәыдмыргыларц рыӡбеит.  Иара иажәақәа рыла, аоппозициатә партиақәа рлидерцәа  — Елене Хоштариеи, Зураб «Гирчи» Џьаҧариӡеи, Гьаргь Вашаӡеи  — Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирҿагыланы, атәым ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа аинформациа рырҭон анефҭаалыҵ аагареи арратә усхкы аҿы аҭагылазаашьеи иазкны.

Апрокурор ишазгәеиҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра имцырку аинформациа аладырҵәон Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара ирантәи аибашьратә дронқәа Урыстәылаҟа рнагаразы ахархәара амоушәа. Убри адагьы, аусеилыргара инақәырәшаны, арҭ ауаа атәым ҳәынҭқаррақәа еиҧҟьарада ирырҭон аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа  асанкцақәа рзышьақәыргылара иазкыз асиақәеи адокументқәеи.  Убри амшала, еиуеиҧшым атәылақәа  300ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа – аполитикцәеи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи, абизнесменцәеи  асанкциақәа рзышьақәдыргылеит.

Аоппозициатә партиақәа 2024 шықәса жьҭааразы апарламенрттә алхрақәа рҿы ианаҵаха  ашьҭахь,  Зураб Џьаҧариӡеи, Гьаргь Вашаӡеи, Елене Хоштариеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи адәахьытә протестқәа ррадикализациа иалагеит. Дара иаартны, аргама ааҧхьара ҟарҵон атәылаҿы ареволиуциа амҩаҧгареи, аиҳабыра рыхҳәареи, аҳәынҭқарратә хыбрақәа аблокада рзуреи, аполицаицәа  рыҿагылареи азы.

Ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилигьы, асоциалтә аҳақәеи авидеоааҧхьарақәеи рыла, идгылаҩцәа азакәандаратә амчыларатә шьаҿақәа рыҟаҵара рыбжьеигон.

Апроуратура аверсиала, апарламент аҧхьа иалагаз акциақәа, хара имгакәа, амассатә аилаҩынтәрахь ииасит. Аполициеи Молотов икоктеильқәа зхы иазырхәоз адемонстрантцәеи  реиҿагылараан  158ҩык аполицаицәа ахәрақәа роуит, џьоукы уажәгьы рҭагылазаашьа цәгьоуп. Апарламент ахыбра амца ацрарҵеит, атехника ҧхасҭартәит, Русҭавели имҩадуаҿ хазхаҭалатәи аҳәынҭқарратәи ахатәра аҧхасҭа азааргеит.

Аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, амчыларатә акциақәа рылахәылацәа аҧареи аибыҭареи роуан жәларбжьаратәи адонорцәа рҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи афондқәеи рҟынтәи.

Еизгоу ашаҳаҭгақәа рышьаҭала ахара рыдуп:

  • Михаил Саакашвили — Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  317-тәи ахәҭаҷла  (аконституциатә аиаҿкаара мчыла аҧсахреи аиҳабыра рыхҳәареи азы аргама ааҧхьара аҟаҵаразы);
  • Зураб Џьаҧариӡеи Гьаргь Вашаӡеи  —  318-тәи ахәҭаҷла (асаботаж) ,  319-тәи ахәҭаҷла  (атәым ҳәынҭқарра аҕатә ауранагӡара ацхраара);
  • Елене Хоштариа —  318, 319,  321¹ахәҭаҷқәа рыла (асаботаж,  ацәгьаура аҟаҵаразы аматериалтә ресурсқәа ралхреи атәым ҳәынҭқарра аҕатә ауранагӡара ацхраареи);
  • Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи  —  318-тәи ахәҭаҷла (асаботаж).

Апрокурор хада ишиҳәаз ала, аусеилыргара инагӡоит, ауааҧсыра уи алҵшәақәа ирызкны еиҧҟьарада аинформациа роуеит.