Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, иара еиҭах апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа иҧхьеит
Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, иара еиҭах апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа иҧхьеит

Апартиа  «Лело» алидер  Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, иара еиҭах апарламентә  аусеилыргаратә комиссиашҟа иҧхьеит, аха, уажәы акомиссиа аилатарашҟа анеира игәы иҭам.

Хазараӡе ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Хазараӡе иажәақәа рыла, иара аусеилыргаратә комиссиа азакәанра иазхеиҵом.

«Сара еилыкка ишәасҳәеит шәзакәанра иазхасҵом ҳәа.  Алегитимациа змам акомиссиа аилатәарашҟа снеиуам. Саанышәкылар шышәҭаху здыруеит. Шәхы шәмыргәамҵын,  уезгьы сызшәыршәом! Урыстәылатәи арежим иаҿагыло ақәҧара аҵыхәанӡа инагӡахоит», — иҩит  Хазараӡе.