Мамука Хазараӡе  - «Лело — Қырҭтәыла ҕәҕәа» алхрақәа рҽалархәра иазкны иаднакылаз  аӡбара аҧсахуам
Мамука Хазараӡе  - «Лело — Қырҭтәыла ҕәҕәа» алхрақәа рҽалархәра иазкны иаднакылаз  аӡбара аҧсахуам

Апартиа «Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидер  Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, апартиа алхрақәа рҽалархәра иазкны иаднакылаз  аӡбара аҧсахуам.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Русҭавтәи абахҭа данҭыҵуаз.

«„Қырҭтәыла ҕәҕәа“ алхрақәа рҽалархәра иазку аӡбара аднакылеит. Атәыла ахада иахьатәи иӡбара аоппозициаа рыгәҭа аилаҩынтәра аиҿкаароуп изызку. Ақәҧара атактика иадҳәаланы ҳгәаанагарақәа еиҧшымзаргьы, ҳазынтәгьы хықәкык ауп иҳамоу  —  ҳтәыла европатәи аҧеиҧши, апарламенттә алхрақәа ҿыцқәа рымҩаҧгареи, аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи. Абри ахықәкы анагӡаразы „Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа“ еснагь ахатә принципқәа ирықәныҟәоит. Ҳара ақәҧара наҳагӡоит. Егьирахь, зегьы пату рықәаҳҵоит, аха, ҳхала аӡбара ҳадаҳкылоит. Абахҭа ҳанҭакызоуп алхрақәа рҽалархәразы аӡбара анҳадаҳкылаз», — иҳәеит  Мамука Хазараӡе.