Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Биӡина Иванишвилии Иракли Ҕарибашвилии рпарламенттә мандатқәа рышьҭаҵара ргәы иҭоуп
Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Биӡина Иванишвилии Иракли Ҕарибашвилии рпарламенттә мандатқәа рышьҭаҵара ргәы иҭоуп

Апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,   Биӡина Иванишвилии Иракли Ҕарибашвилии рпарламенттә мандатқәа рышьҭаҵара ргәы иҭоуп.

«Сара ишыздыруа ала,  ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвилии,  Иракли Кобахиӡеи,  Иракли Ҕарибашвилии апарламентаҿ аанхара ргәы иҭам. Дара ҳпартиа алидерцәа роуп,  ишахәҭоу еиҧш,  ҳпарламенттә сиа ианын.  Рпарламенттә мандатқәа шьҭарҵоит», — иҳәеит  Мдинараӡе.

Иракли Кобахиӡе апарламенттә сиа данын,  аха,  аҧыза-министр иҭаҧыаз кандидатс дықәдыргылеит.  Иахьа Иракли Кобахиӡе аиҳабыра аилазаара ҿыц алахәылацәа рыхьӡқәа иҳәеит.