Мамука Мдинараӡе  - Арадикалтә оппозициа аспикерцәа зегьы, апартиа алахәылацәа зегьы адҵа роуит Қырҭтәыла урыстәылатәи анапхгара иҟоуп ҳәа излауа  ала ирацәаны ирҳәаларц
Мамука Мдинараӡе  - Арадикалтә оппозициа аспикерцәа зегьы, апартиа алахәылацәа зегьы адҵа роуит Қырҭтәыла урыстәылатәи анапхгара иҟоуп ҳәа излауа  ала ирацәаны ирҳәаларц

«Арадикалтә оппозициа аспикерцәа зегьы, апартиа алахәылацәа зегьы адҵа роуит Қырҭтәыла урыстәылатәи анапхгара иҟоуп ҳәа излауа  ала ирацәаны ирҳәаларц», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Мамука Мдинараӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, ари акампаниа атәыла аҩнуҵҟагьы, насгьы, зегьы реиҳа атәыла иаҧырхагоу –  атәыла анҭыҵгьы имҩаҧыргоит.

«Ишубарҭоу ала, дара абри ахықәкы анагӡаразы алоббистцәа қьырала иргеит.  Мышқәак ҵуеит аинформациа ҧаршеи аларҵәара иаҿуижьҭеи. Аибашьраан  ҳара Урыстәылаҟны ахәаахәҭратә зҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаҳгоушәа амцҳәара иаҿуп.  Иҵабыргны иуҳәозар, хазхаҭалатәи аилахәырақәа  ахш аалыҵ аекспорт азы  2020 шықәсазоуп азыҳәамҭа аныҟарҵа, аха, изыхҟьаз сыздырӡом, ҧшьымш раҧхьоуп аҭак анроу», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.

«Ақырҭуа гәахәтәы» аофис хадаҿы иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы Мамука Мдинараӡе иҳәеит: «Украина иаҿагылоу урыстәылатәи агрессиа ианалагаҵәҟьа, Қырҭтәыла арадикалтә оппозициа атәыла анапхгара ирҿагыланы аинформациатә аибашьра иалагеит, абри аҩыза афакт изакәызаалак даҽа тәылак аҿы хаангьы иҟамызт».