Мамука Мдинараӡе Аҧшыхәра агентра амаҵзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит  - Апроблемақәа рыла иҭәу адунеиаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара аус аҿы хәы змам алагала ҟашәҵоит
Мамука Мдинараӡе Аҧшыхәра агентра амаҵзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит  - Апроблемақәа рыла иҭәу адунеиаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара аус аҿы хәы змам алагала ҟашәҵоит

 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Мамука Мдинараӡе Аҧшыхәра агентра амаҵзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит.

Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала, дара  аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара аус аҿы хәы змам алагала ҟарҵоит.

„Аҧшыхәра агентра амаҵзуҩцәа рзанааҭтә амш шәыдысныҳәалоит. Шәара ҳтәыла ашәарҭадара арҕәҕәареи амилаҭтә аҳасабтәқәа рынагӡареи аҿы ароль ҷыда нашәыгӡоит.    Апроблемақәа рыла иҭәу адунеиаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара аус аҿы хәы змам алагала ҟашәҵоит.  Шәара гәыкала инашәыгӡо аусуреи ршәпрофессонализми Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара иацхраауеит. Ахамеигӡареи аусура бзиеи азы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ҳаҧсадгьыл Анцәа дахылаҧшааит“, – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.