Мамука Мдинараӡе  - Сара Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурахьы снеиуеит сгәыҧ сыманы
Мамука Мдинараӡе  - Сара Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурахьы снеиуеит сгәыҧ сыманы

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, иара амаҵзурахьы днеиуеит игәыҧ иманы.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, уаҵәы игәыҧ алахәылацәа рыхьӡқәа иҳәоит.

«Сгәыҧ сыманы снеиуеит. Уаҵәы рыхьӡқәа еилышәкаауеит. Иракли Бераиа уаҟа дҟалаӡом. Уи даҳҩызоуп, дуаҩы бзиоуп. Сара схатә хәаҧшыреи сгәыҧи сымоуп. Агәра ганы сыҟоуп қәҿиарала аус шаауа», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.

Иахьа апарламент Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы иҭыҧаз Мамука Мдинараӡе икандидатура шьақәнарҕәҕәеит.