Мака Боҷоришвили Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов ҭелла диацәажәеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов ҭелла диацәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, Мака Боҷоришвили Нахичевантәи автономтә республика адронла ажәылара иадҳәаланы агәынамӡара аалырҧшит.
«Аминистр иаҵшьны иазгәалҭеит арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара аҵакы ду шамоу.
Аминистрцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҩызаратәи рстратегиатәи еизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.