Маиа Санду - Урыстәыла аганахьала алагалоу асанкциақәа рыдгылара Молдова алшом, избан акәзар атәыла агази афымцалашареи рыда аанхар ҟалап
Маиа Санду - Урыстәыла аганахьала алагалоу асанкциақәа рыдгылара Молдова алшом, избан акәзар атәыла агази афымцалашареи рыда аанхар ҟалап

– Урыстәыла аганахьала алагалоу асанкциақәа рыдгылара Молдова алшом, избан акәзар атәыла агази афымцалашареи рыда аанхар ҟалап, – молдоватәи аихқәа рдыррақәа рыла, Молдова ахада Маиа Санду ари атәы аалыцҳаит “Аради Хақәиҭра” аинтервиу аҿы.

Маиа Санду лажәақәа рыла, Украина ицо аибашьра Молдов аеқспорти аимпорти ирныруеит.

„Асанкциақәа ҳанрыхцәажәл, адетальқәа рыда ари аус хыхь-хыхьлатәи азыҟазаашьоуп. Аекспорти аимпорти рганахьала ауажаҩрақәа ҳамоуп, аибашьра иаҳԥырхагоуп,” – илҳәеит Санду.

Молдова ахада ишылҳәаз, аенергоресурсқәа рганахьала аофициалтә Кишинев зегь реиҳа Урыстәыла иахьыԥшуп. Молдова макьана уаҳа псыхәа амам.

Маиа Санду ишаалыцҳаз, атәыла мраҭашәаратәи апартниорцәа рҟынтә адгылара дуамоуп. Уи акәым, урҭ, Кишинев альтернативатә афымцалашаратә вариантқәа рыԥшаараҿ иацхраауеит.