Лиз Траси - Британиеи апартниорцәеи Мариуполь ахимиатә бџьар ахархәара иазку адыррақәа ргәаҭара ҳаҿуп
Лиз Траси - Британиеи апартниорцәеи Мариуполь ахимиатә бџьар ахархәара иазку адыррақәа ргәаҭара ҳаҿуп

Британиа Дуи апартниорцәеи Мариуполь ахимиатә бџьар ахархәара иазку адыррақәа ргәаҭара иаҿуп. Ари атәы “Твиттер” аҿы аалыцҳаит Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Траси.

Траси лажәақәа рыла, Урыстәыла Мариуполь ахимиатә бџьар рхы иадырхәит ҳәа адыррақәа иҟоуп.

„Британиеи апартниорцәеи Мариуполь ахимиатә бџьар ахархәара иазку адетальқәа ргәаҭара ҳаҿуп. Абри еиԥш абџьар ахархәара афакт аимак аескалациа ахылҵеит, ари азы Путини ирежими ирықәнаго роуеит”, – илҩит Лиз Траси.

“Азовский полк” аинформациа ала, ампыҵахаларатә мчқәа Мариуполь, украинатәи аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи ирҿагыланы апилот дызма аԥырратә аппарат аҟынтә рхы идырхәит идырым ашҳам.