Литва иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ иинформациала, Владимир Зеленски Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҽалархәра игәы иҭоуп
Литва иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ иинформациала, Владимир Зеленски Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҽалархәра игәы иҭоуп

Украина ахада Владимир Зеленски  ҧхынгәы азы Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҽалархәра игәы иҭоуп. Литватәи АИХқәа ари атәы ирзааицҳаит Литва иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Петр Бешта.

«Уи ҳпалн иарбоуп. Раҧхьа иргыланы  — ааҧхьара ҳауроуп, избанзар, Украина НАТО иалахәым. Ҳара ааҧхьара аиуреи Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәеи ҳрықәгәыҕуеит», — иҳәеит Петр Бешта.

Украина ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Вильниус имҩаҧысуа аиҧылараҿы НАТО ашҟа Украина алалара иадҳәаланы аҳәамҭа иазыҧшуп.

«Вильниус имҩаҧысраны иҟоу аиҧылараҿы еилыккаа аҳәамҭа ҟарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит  аибашьра анеҩсҵәҟьа Украина НАТО алахәылас ишыҟало азы», — иҳәеит Литва иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ.