Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киастусис Будрис ишааицҳаз ала, Лиетува иҵегьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Лиетува иҵегьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Ари атәы ааицҳаит Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киастусис Будрис.
“Лиетува ақырҭуа жәлари урҭ европатәи ргәахәтәи рыдгылоит. Естониаҟны акоординациа шьаҭас аҭаны, асанкциақәа зқәу ақырҭуа политикцәа рсиа ҳарҭбааит, Лиетува иҵегьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Аҭынч демонстрантцәеи, ажурналистцәеи, алппозициааи рганахьала амчылара, рыргәаҟра ҳадгылом. Евроеидгыла аҩаӡараҿ ҳамчқәа еидаҳкылароуп, аамҭа ааит”, – иҩит Киастусис Будрис.
Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цаҳкна ишааицҳаз ала, Естониа иҵегьы 14-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Уаанӡа Лиетувеи Естониеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа ртәылақәа рҭаара зин змам Қырҭтәыла атәлауаа рсиа аладырҵәеит.