Леван Жоржолиани – Қырҭтәыла аиҳабыра «Аиҳабыра бзиа аиндекс» аҿы 100 наӡына рҟынтә 61 наӡына роун, аҭоурыхтә максимум шьақәдыргылеит
«Қырҭтәыла аиҳабыра «Аиҳабыра бзиа аиндекс» аҿы 100 наӡына рҟынтә 61 наӡына роун, аҭоурыхтә максимум шьақәдыргылеит», — иҳәеит аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы Леван Жоржолиани.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра, аартызаара аҩаӡара аиндекс аҿы 12-тәи аҭыҧ ааныркылеит, 27-тәи аҭыҧ аӡбаратә система ахаҭабзиараҿы, 25-тәи аҭыҧ абиурократиа ахаҭабзиараҿы, аҧшьбатәи аҭыҧ аинвестициақәа рыдаҧхьалараҿы.
«Аҭҵаарақәа мҩаҧган Чандлер иинститут ала, уи аҵакы ду амоуп, насгьы, Еврокомиссиа абарҭ аихшьаалақәа цәырнагеит, арҭ аихшьаалақәа ҟаҵоуп Адунеи абанки, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Жәларбжьаратәи аекономикатә форуми, егьырҭ зыхьӡ дуу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭҵаарақәеи рыҳасабырбақәеи рышьаҭала», — иҳәеит Леван Жоржолиани.
Қырҭтәыла аиҳабыра рдыррақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра адунеиаҿ иҳаракӡоу ареитинқәа ранашьоуп абарҭ арбагақәа рыла: аартызаара (12-тәи аҭыҧ), аҧхьагылареи ахараҧшреи (32-тәи аҭыҧ), акыраамҭалатәи ахәаҧшыра (16-тәи аҭыҧ), адаптациа (11-тәи аҭыҧ), акоординациа (24-тәи аҭыҧ), аӡбаратә система ахаҭабзиара (27-тәи аҭыҧ), абиурократиа ахаҭабзиара (25-тәи аҭыҧ), абизнес иҭышәынтәалоу ахылаҧшра (15-тәи аҭыҧ), аинвестициақәа рыдаҧхьалара (4-тәи аҭыҧ).