Аиҳабыра рыӡбарала, апластмассатә ҧатлыкақәа рҿы аӡыржәтә аҭыжьреи, аимпорти, аџьармыкьаҿ аҭиреи иазку арегулиациа анагӡара хырҧоуп ҧшьышықәса рыла
Аиҳабыра рыӡбарала, апластмассатә ҧатлыкақәа рҿы аӡыржәтә аҭыжьреи, аимпорти, аџьармыкьаҿ аҭиреи иазку арегулиациа анагӡара хырҧоуп ҧшьышықәса рыла

Аиҳабыра рыӡбарала, апластмассатә ҧатлыкақәа рҿы аӡыржәтә аҭыжьреи, аимпорти, аџьармыкьаҿ аҭиреи иазку арегулиациа анагӡара хырҧоуп  ҧшьышықәса рыла.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

„Ишыжәдыруа еиҧш, апластмасса ахархәара ауаҩы игәабзиарахьы аҧсабарагьы иаҧырхагоуп, апластмасса ахархәара армаҷра  ахырхарҭала зҵакы дуу шьаҿақәак ҟаҳҵахьеит. Ари апроцесс етапла инагӡахоит. Аха, ари апроцесс иаҧырхагоу афакторқәагьы иазҧхьагәаҳаҭруоп, араҟа абизнес асубиективтә интересқәа ҳрылацәажәоит, насгьы, аконкреттә регулиациақәа ахәқәа ирныҧшыр ауеит, ари азҵааразы аконсультациақәа мҩаҧаагеит. Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр уи азыҳәан ҭабуп әҳа иасҳәоит. Аконсультациақәа рышьҭахь аӡбара ҳадаҳкылеит – апластмассатә ҧатлыкақәа рҿы аӡыржәтә аҭыжьреи, аимпорти, аџьармыкьаҿ аҭиреи иазку арегулиациа анагӡара хырҧоуп ҧшьышықәса рыла, 2031 шықәса жәабран 1-нӡа“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.