Илиа Аҩбатәи иҧсыжра инамаданы, хәажәкыра  21-22 рзы аихамҩеи Қарҭ амуниципалтә транспорти хәыда-ҧсада аус руеит,  арегионқәа рҟынтә ареисқәа ацырҵоит 
Илиа Аҩбатәи иҧсыжра инамаданы, хәажәкыра  21-22 рзы аихамҩеи Қарҭ амуниципалтә транспорти хәыда-ҧсада аус руеит,  арегионқәа рҟынтә ареисқәа ацырҵоит 

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иҧсыжра инамаданы, хәажәкыра  21-22 рзы аихамҩеи Қарҭ амуниципалтә транспорти хәыда-ҧсада аус руеит. Ари аинформациа аладырҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра.

Иара убас,  аҳәамҭа ишану ала, арегионқәа рҟынтә Қарҭҟа иаауа апассаџьырцәагьы хәыда-ҧсада атранспорт рхы иадырхәар рылшоит.

„Ари аӡбара аднакылеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсыжра иадҳәаланы еиҿкаау аҳәынҭқарратә комиссиа.

Акомиссиа аӡбарала,   „Қырҭтәыла аихамҩагьы“ хәыда-ҧсада апассаџьырцәа рымаҵ ауеит.

Автомобилтә, иара убас, аихамҩатә транспортла иацҵаны ареисқәа мҩаҧгахоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.