Леван Махашвили - Ганкахьала – ОБСЕ апринципқәа пату рықәҵара аҳәареи, егьи аганахьала – алхрақәа ииашаны ишымҩаҧгаз азы, азҵаарақәа шыҟам азы ОБСЕ аихшьаала атәамбареи ҟалом
Ганкахьала – ОБСЕ апринципқәа пату рықәҵара аҳәареи, егьи аганахьала – алхрақәа ииашаны ишымҩаҧгаз азы, азҵаарақәа шыҟам азы ОБСЕ аихшьаала атәамбареи ҟалом – иҳәеит евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламентә комитет ахантәаҩы, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла еснагьтәи аделегациа алахәыла Леван Махашвили.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа делегациа, адекларациеи еиуеиҧшым арезолиуциақәеи рҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу анҵамҭақәа иҟазарц азыҳәан Апарламенттә Ассамблеиа қәҿиарала аус ацыруан.
„Қырҭтәылазы зҵакы дуу анҵамҭақәа иҟазарц азыҳәан адипломатиатә усура ду мҩаҧаагеит. Џьо Уилсони идгылаҩцәеи Қырҭтәыла иаҿагыланы активла аус шыруа аабеит. Акомитетаҿ абри арезолиуциеи адекларациеи ианахәаҧшуаз, изныкымкәа азҵаара иқәҳаргылеит Қырҭтәыла ҧырхага ду азаазго абарҭ анҵамқәа раныхра иадҳәаланы, арезолиуциеи адекларациеи ирныз адезинформациа цыҧхьаӡа иадҳәаланы инарҭбаау аилыркаарақәа раҳҭон“, – иҳәеит Леван Махашвили.
Иара иажәақәа рыла, акомитетаҿ ақырҭуа делегациа адекларациаҿы абарҭ анҵамҭақәа рыҟаҵара иаҿагылеит.
„Аха, уезгьы, апленартә сессиаҿы ари адекларациа шрыдыркылаз аабеит, зыӡбахәы ҳәоу аконкреттә нҵамҭақәа аанрыжьит. Қырҭтәыла аделегациа ари арезолиуциа иадымгылеит. Ҳара, ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Швеицариатәи аделегациа анапхгаҩи, изныкымкәа иаҳҳәеит абри аҩыза анҵамҭақәа ОБСЕи уи анаҧшратә миссиеи раҳаҭыр шыладырҟәо, дара рахь агәрагара шдырмаҷуа. Ганкахьала – ОБСЕ апринципқәа пату рықәҵара аҳәареи, егьи аганахьала – алхрақәа ииашаны ишымҩаҧгаз азы, азҵаарақәа шыҟам азы ОБСЕ аихшьаала атәамбареи ҟалом. Аихшьаалаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп агхақәак шыҟазгьы, арҭ алхрақәа ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара рҭаххара шаадырҧшыз“, – иҳәеит Леван Махашвили.