Леван Махашвили – Имцырку абарҭ арезолиуциақәа рыла дара рхатә аҳаҭыр ладырҟәоит
Леван Махашвили – Имцырку абарҭ арезолиуциақәа рыла дара рхатә аҳаҭыр ладырҟәоит

Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Леван Махашвили иҳәамҭала, Европарламент арезолиуциақәа хықәкыс ирымоу ауаажәларраҿы ииашам алабҿабара аарҧшра.

Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла азҵааразы Европарламентаҿ имҩаҧгаз адебатқәа алабҿабара иашьашәаламызт.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Европарламентаҿ иҟалаз зегьы уаанӡагьы иаҳбахьеит. Дара иҟам алабҿабара иалацәажәоит.

Иара убас, еврокомиссар адиалог ахымҧадара далацәажәеит. Шәааи, ҳаидтәаланы, алабҿабара ҳахәаҧшып. Қырҭтәыла, еснагь иаарту адиалог иаша иазҿлымҳан.

Арезолициақәа ҳрылацәажәозар, абри аҩыза имцырку арезолиуциақәа рыла дара рхатә аҳаҭыр ладырҟәоит. Ҳәарада, арҭ арезолиуциақәа хәыҷы-хәыҷла рҵаки рыхәи рцәыӡуеит. Убри аҟынтә, хшыҩзышьҭра ду рзаауам, уи уамашәа ирымбааит», — иҳәеит Леван Махашвили.