Леван Махашвили – Аҳәынҭқаррақәа зегьы аресурсқәа рныхра аҵакы ду амоуп ҳәа ианеиқәшаҳаҭхо, убасҟан ауп аҭыҧантәи алхрақәа рыцклаҧшра анаҭаху
Ари азҵаараҿы ҳара ҳиашоуп, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иаҭахызар, атәылаҿы анаҧшцәа рыҟазаара хымҧадазар, дара изныкымкәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны алхрақәа рахь анаҧшцәа дәықәырҵахьеит, – иҳәеит евроинтеграциазы апарламенттә комитет ахантәаҩы Леван Махашвили Қырҭәтыла Актәи аканал аефираҿ.
Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза апрецедентқәа рацәоуп.
„Абарҭ аҿырҧштәқәа рышьаҭалоуп уи шысҳәо. Аамҭеи аҿҳәарақәеи рымшала акәӡам зыӡбахәы ҳәоу анаҧшратә аиҿкаара алхрақәа рыцклаҧшра изаҭахымхаз. Дара акыршықәса ирылагӡаны ҕәҕәала ирықәыҕәҕәон, убри азоуп мап зыркыз. Ари атемазы адискуссиа ҳҭахым, уи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иаҧырхагахоит, ҳара уи еиҧш ахықәкы ҳамам, избанзар ҳара аус еицаауеит. Аҭыҧантәи алхрақәа рыцклаҧшра хымҧадам. Аҳәынҭқаррақәа зегьы аресурсқәа рныхра аҵакы ду амоуп ҳәа ианеиқәшаҳаҭхо, убасҟан ауп аҭыҧантәи алхрақәа рыцклаҧшра анаҭаху. Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы уи еиҧш акгьы ҟалом. Арҭ алхрақәа усҟак рҵакы дуум, урҭ рымшала OSCE/ODIHR ақәыҕәҕәареи аргәамҵреи иахәҭам“, – иҳәеит Махашвили.