Леван Махашвили – Бриуссель ҳаргументқәа раҳар рҭахым ҳәа ҳгәы иаанагоит, дара хықәкык акәын ирымаз – ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра алагара ҳалзыршоз ашьаҿа ҟаҵазар рҭахымызт
Леван Махашвили – Бриуссель ҳаргументқәа раҳар рҭахым ҳәа ҳгәы иаанагоит, дара хықәкык акәын ирымаз – ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра алагара ҳалзыршоз ашьаҿа ҟаҵазар рҭахымызт

Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Леван Махашвили иҳәамҭала, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара адиалог ахырҧара иадҳәаланы ирҳәаз амзызқәа изакәызаалак шьаҭак рымам.

Махашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла фымз ари аиҧыларазы аҽазыҟанаҵон.

«Ҳара аиҧылара аусхәаҧштә азы ҳаиқәшаҳаҭҳахьан, аха, Бриуссель ҳаргументқәа раҳар рҭахымызт ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Дара хықәкык акәын ирымаз – ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра алагара ҳалзыршоз ашьаҿа ҟаҵазар рҭахымызт. Ишубарҭоу ала,  Бриуссель уи згәамҧхо ауаа иҟоуп.  Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара адиалог ахырҧара иадҳәаланы ирҳәаз амзызқәа изакәызаалак шьаҭак рымам», — иҳәеит  Леван Махашвили  Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.