Леван Махашвили – Америка ҳвизит хықәкыс иаман  атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара
Леван Махашвили – Америка ҳвизит хықәкыс иаман  атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара

Қырҭтәыла апарлдаментаҿ иҟоу евроинтеграциазы акомитет ахантәаҩы Леван Махашвили иҳәамҭала, ақырҭуа делегациа Америка рвизит хықәкыс иаман  атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз Леван Махашвили ишиҳәаз ала, аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшраан ахадаратә проблемақәа иреиуп  аинформациа иаша амаҷра.

«Абри аҩыза авизитқәеи аимадарақәеи ҳара-ҳара ҳинтересқәа реилкаареи излауа ала реизааигәатәреи иазкуп. Ҳвизит хықәкыс иаман ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара. Абри аҩыза аимадарақәа нагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит», – иҳәеит  Махашвили.