Лаша  Хуцишвили Себастиан  Молинеус даниҧылоз  Адунеи абанк ацхыраарала Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроектқәа дрылацәажәеит

Аахыҵ Кавказ аҿы Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан  Молинеус даниҧылоз  Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша  Хуцишвили  Адунеи абанк ацхыраарала Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроектқәа дрылацәажәеит

Афинансқәа рминистрра адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Адунеи абанк ацхыраарала атәылаҿы имҩаҧысуа апроектқәа ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала,  сынтәа Қырҭтәылеи Адунеи абанки русеицура  30 шықәса ахыҵуеит. Адунеи абанк арегионалтә директори афинансқәа рминистри ари аусеицура аҵакы иаҵшьны иазгәарҭеит.

Афинансқәа рминистрра аинформациа ишану ала, 30 шықәса рыла Адунеи абанк Қырҭтәыла  100 иреиҳаны апроектқәа аҧара рзоунашьҭит, зынӡа атәыла иаларҵеит  4,3 миллиард адоллар.