Лаша Хуцишвили – Уажәазы Урыстәылаҟны авизатә режим аиҭахәаҧшра ахымҧадара збом
Лаша Хуцишвили – Уажәазы Урыстәылаҟны авизатә режим аиҭахәаҧшра ахымҧадара збом

«Иахьазы иҟоу ахылаҧшратә механизмқәа атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа ирышьашәалоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уажәазы Урыстәылаҟны авизатә режим аиҭахәаҧшра ахымҧадара збом», – иҳәеит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили апресс-конференциаҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Лаша Хуцишвили иажәақәа рыла, атәыла ашәарҭадара аиқәыршәаразы уажәтәи амеханизмқәа азымхар, ари азҵаара алацәажәара ҟалоит.