EBRD ахада Қырҭтәыла афинансқәа рминистри лареи реиҧылара дахцәажәеит
 EBRD ахада Қырҭтәыла афинансқәа рминистри лареи реиҧылара дахцәажәеит

EBRD ахада Одиль Рено-Басо Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии лареи реиҧылара дахцәажәеит.

  Одиль Рено-Бассо асоциалтә аҳаҿы ишылҩыз ала,  аганқәа рхаҭарнакцәа  аенергетикатә шәарҭадара арҕәҕәареи, абизнес маҷ аҿиареи аҳәынҭқарратә наплакқәа реиҭаҿиареи амзызла Адунеи  Абанк аҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ацхыраара иалацәажәеит.

«Вашингтон,  жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеи абанки ааҧынратәи реиҧыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла афинансқәа рминистр сиҧылеит. Лаша Хуцишвилии сареи аенергетикатә шәарҭадара арҕәҕәареи, абизнес маҷ аҿиареи аҳәынҭқарратә наплакқәа реиҭаҿиареи амзызла Адунеи  Абанк аҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ацхыраара ҳалацәажәеит», — илҩит  Одиль Рено-Бассо.