Лаша Хуцишвили – Қырҭтәыла асанкциақәа ирықәныҟәом ҳәа аӡәы игәы иаанагаратәы изакәызаалак шьаҭак иҟам
Лаша Хуцишвили – Қырҭтәыла асанкциақәа ирықәныҟәом ҳәа аӡәы игәы иаанагаратәы изакәызаалак шьаҭак иҟам

«Ҳара есымша Америкеи Евроеидгылеи  аинформациа раҳҭоит, убри аҟынтә,  Қырҭтәыла асанкциақәа ирықәныҟәом ҳәа аӡәы игәы иаанагаратәы изакәызаалак шьаҭак иҟам», — иҳәеит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили аиҳабыра иахьатәи реилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Лаша Хуцишвили ишиҳәаз ала,  афинанстә усхкы аҿгьы ахәаахәҭраҿгьы асанкциақәа рықәныҟәара аганахьала,  Қырҭтәыла аиҳабыреи Амилаҭтә банки ҕәҕәала аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.

«Ахылаҧшразы иаҭаху ахархәагақәа зегьы ҳамоуп. Асанкциақәа шьақәзыргылаз Евроеидгылеи, Британиа Дуи, Америкеи, егьырҭ атәылақәеи рҿы иашьашәалоу ахылаҧшра мҩаҧызго аорганқәеи агентрақәеи рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла, ишахәҭоу еиҧш, ахатә ҧхықәрақәа нанагӡоит», — иҳәеит  Лаша Хуцишвили.