Лаша Хуцишвили – Амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабель апроект  аинвестициақәа азоушьҭра иалагахьеит, Қырҭтәыла  ари апроект  2,5 миллион евро аланаҵахьеит
Лаша Хуцишвили – Амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабель апроект  аинвестициақәа азоушьҭра иалагахьеит, Қырҭтәыла  ари апроект  2,5 миллион евро аланаҵахьеит

 

Қырҭтәыла афинансқәа рминистр  Лаша Хуцишвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, афинансқәа рминистрра Адунеи абанк аҳәарала иадҵаалт   Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект  атехника-економикатә ҭҵаарақәа   75 миллион адоллар рзоушьҭразы.

Аиҳабыра реилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы  Лаша Хуцишвили ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҧаразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп.

«Иахьатәи аилатәараҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу апроект ҳалацәажәеит.  Қырҭтәыла аинициативала иалагаз апроект ала иазҧхьагәаҭоуп  Кавказтәи арегиони Европеи реимадара Амшын еиқәаҿы авольҳаракытә аӡаҵантәи афымцамҩангага ала. Лымкаала, Амшын еиқәа аӡаҵан иалсны ицо афымцамҩангагатә цәаҳәа Қырҭтәылеи Румынтәылеи ренергосистемақәа еиднаҳәалоит. Қырҭтәыла Амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабель апроект  аинвестициақәа азоушьҭра иалагахьеит, Қырҭтәыла  ари апроект  2,5 миллион евро аланаҵахьеит,  Feasibility study аҭҵаарақәа сынтәа ихыркәшахоит. Агәра ганы сыҟоуп алҵшәа бзиа шҳауа. Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, афинансқәа рминистрра Адунеи абанк аҳәарала иадҵаалт   Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект  атехника-економикатә ҭҵаарақәа   75 миллион адоллар рзоушьҭразы. Ари аҧаразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп», — иҳәеит афинансқәа рминистр  Лаша Хуцишвили.