Лаша Дарсалиа - Женеватәи еилацәажәарақәа раан агуманитартә зҵаарақәа рганахьала апрогресс ҳақәгәыӷуеит
Лаша Дарсалиа - Женеватәи еилацәажәарақәа раан агуманитартә зҵаарақәа рганахьала апрогресс ҳақәгәыӷуеит

Женеватәи еилацәажәарақәа раан агуманитартә зҵаарақәа рганахьала апрогресс ҳақәгәыӷуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лаша Дарсалиа Женева, жьҭаара 12-13 рзы имҩаԥысуа еилацәажәарақәа 54-тәи рраунд аҿы.

Лаша Дарсалиа иажәақәа рыла, Егрытәи ацҳа аартра ашьҭажь, Ахалгори ахырхарҭа аартра зҵаара хадақәа иреиуоуп.

Амш аусхәаԥштә иалоуп аҵак ду змоу агуманитартә зҵаарақәа, иаанкылоу атәылауаа рызҵаара. Арҭ ахырхарҭақәа ахшыҩ азышьҭны ӡазааҭгылоит.

Ҳахцәажәоит аҭыԥ аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа, аҵара азҵаара уахь иналаҵаны, – иҳәеит Дарсалиа.