Лаша Дарсалиа – Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа делегациа урыстәылатәи аган зылацәажәара рҭахым зҵаарақәак иқәдыргылоит
Лаша Дарсалиа – Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа делегациа урыстәылатәи аган зылацәажәара рҭахым зҵаарақәак иқәдыргылоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа иҳәамҭала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа  60-тәи араунд аҿы ақырҭуа делегациа урыстәылатәи аган зылацәажәара рҭахым зҵаарақәак иқәдыргылоит.

«Раҧхьа иргыланы,  6-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡара ҳазааҭгылоит. Ахадаратә ҵакы змоу апутнктқәа иреиуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара азҵаареи, жәларбжьаратәи ашәарҭадара амеханизмқәа рылацәажәареи, ахҵәацәа рырхынҳәреи. Урыстәылатәи аган абарҭ азҵаарақәа рылацәажәара рҭахым, адеструктивтә азнеишьа рымоуп.  60-тәи араун аҿы ҽакала рхы мҩаҧыргап ҳәа ҳгәыҕуам.

Зҵакы дуу агуманитартә зҵаарақәагьы иҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз, абри аҩыза азҵаарақәа рацәоуп, ақырҭуаа рдискриминациа еиуеиҧшым афактқәа иҟоуп. Агуманитартә зҵаарақәеи ауаҩытәыҩса изинқәа иадҳәалоу азҵаарақәеи аполитикатә ақәыҕәҕәаразы рхы иадырхәоит. Ҳара уи ҳҽанраалараны ҳаҟам», — иҳәеит  Лаша Дарсалиа.