Лаша Дарсалиа – Женева ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыла, урыстәылатәи аделегациа аиҿцәажәарақәа ирылҵит
«Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа 62-тәи араунд аҿы ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыла, урыстәылатәи аделегациа аиҿцәажәарақәа ирылҵит», — ааицҳаит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.
Дарсалиа иажәақәа рыла, Урыстәыла ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра ада, егьырҭ азҵаарақәа зегьы рылацәажәара иазыхиоуп.
Араундқәа зегьы раан ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы рымоуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аурыс арбџьармчқәа рылгареи, ахҵәацәа рыхынҳәреи, иара убас, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩы изинқәа рганахьала аҭагылазаашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Рыҵҳарас иҟалаз, Урыстәыла ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра ада, егьырҭ азҵаарақәа зегьы рылацәажәара иазыхиоуп. Дара, аамҭа-аамҭала, женеватәи аусхәаҧштә иалам азҵаарақәа иқәдыргылоит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи араундқәа рҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа қалақьк ахь аиагара иалацәажәоит.
Ҳара еснагь ҳрыҳәоит ареалтә аусхәаҧштә иазыхынҳәырц. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳпартниорцәа рыцхыраарала, мышкы зны, ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра алацәажәара шҳалшо», — иҳәеит Лаша Дарсалиа.