Лаша Дарсалиа  - Ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, Урыстәыла аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит, ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рылацәажәара иазыхиам  
Лаша Дарсалиа  - Ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, Урыстәыла аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит, ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рылацәажәара иазыхиам  

Рыцҳарас иҟалаз, Женеватәи аиҿцәажәарақәа  60-тәи араундгьы алҵшәа ахылымҵит, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.

Иара иажәақәа рыла, аганқәа зҵаарак азгьы изеиқәшаҳаҭымхеит.

„Ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, Урыстәыла аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит, ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рылацәажәара иазыхиам. Уажәгьы абасҵәҟьа иҟалеит. Ахҵәацәа рыхынҳәра, 6 пунктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә арбџьармчқәа ралгара уҳәа, шьаҭанкылатәи азҵааракәа рылацәажәара иазыхиам. Зҵаарак азгьы ҳзеиқәшаҳаҭымхеит. Галтәи аиҧыларақәа реиҭашьақәыргыларазгьы ахәаахәҭра инагӡоит.  Агуманитартә зҵаарақәа, ауаа рзинқәа рыхьчара уҳәа, абарҭ азҵаарақәа ақырҭуа аган рықәыҕәҕәаразы рхы иадырхәоит. Абри алабҿабара уажәгьы инагӡоит, дара адеструктивтә азнеишьа рымоуп“, – иҳәеит Дарсалиа.