Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа Америка Акоммерциа адепартаментаҿ аиҧылара мҩаҧигеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа, Вашингтон иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Америка Акоммерциа адепартаментаҿ аиҧылара мҩаҧигеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Лаша Дарсалиа ахәаахәҭреи аинвестициақәеи рызҵаарақәа рзы Америка акоммерциа амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Уилиам Киммитти ахәаахәҭра аминистр ихаҭыҧуаҩ Џьеффри Кеслери дырҧылеит.
Аиҧылара лхы алалырхәит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвили. Аганқәа рхаҭарнакцәа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рҿиареи, уажәазы имҩаҧысуа аинфраструктуратә проектқәеи, наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Хшыҩзышьҭра ҷыда азун «Абжьаратә корридор» аҿиара апроцессаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль.