Ҿыц иқәыргылоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Али Каан Орбаи  Лаша Дарсалиа агәраргагатә шәҟәқәа инапаҿы ииҭеит
Ҿыц иқәыргылоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Али Каан Орбаи  Лаша Дарсалиа агәраргагатә шәҟәқәа инапаҿы ииҭеит

Қырҭтәыла ҿыц иқәыргылоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Али Каан Орбаи  адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа агәраргагатә шәҟәқәа инапаҿы ииҭеит.  Дарсалиа Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла идипломатиатә миссиа алагара идныҳәаланы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аофициалтә церемониа ашьҭахь ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧган.  Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҭырқәтәыла ахада даҽазнык ишьақәыирҕәҕәеит Ҭырқәтәыла Қырҭәтыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.