Лаша Дарсалиа – Урыстәылатәи аган Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирҧырхагахеит
Лаша Дарсалиа – Урыстәылатәи аган Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирҧырхагахеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа ишааицҳаз ала,  ҧасатәи аиҿцәажәарақәа раан ишыҟалаз еиҧшҵәҟьа, иахьатәи  54-тәи араунд аангьы ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара ианалацәажәоз урыстәылатәи аделегациа  аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иаҧырхагахеит.

Иара иажәақәа рыла, абри азҵаара иадҳәаланы адискуссиа ахыркәшара рылымшеит.  Лаша Дарсалиа иҳәамҭала, егьырҭ азҵаарақәа ианрылацәажәозгьы, лабҿаба иубарҭан дара агуманитартә зҵаарақәеи ашәарҭадара апроблемақәеи еидырҳәалар шырҭахыз.

Жьҭаара 12-13 рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа  54-тәи араунд мҩаҧган. Қырҭтәыла аделегациа дахагылан адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи  ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.