Тоивоо Клаар - Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа хәҷык адымхаргьы аиқәшаҳхара азҿлымҳарала аишәа иахатәап ҳәа сгәыӷуеит
Тоивоо Клаар - Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа хәҷык адымхаргьы аиқәшаҳхара азҿлымҳарала аишәа иахатәап ҳәа сгәыӷуеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа хәҷык адымхаргьы аиқәшаҳхара азҿлымҳарала аишәа иахатәап ҳәа сгәыӷуеит. Зымҽхак ҭбаау азҵаарақәа рҿы аманшәалара ҳауеит ҳәа сгәыӷуеит, аха апрогресс ду ҟалоит ҳәа сгәы иаанагом,  – иҳәеит Аладатәи Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар.

Клаар иажәақәа рыла, Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд аҵак ду амоуп.

Тоиво Клаар ишазгәеитҭаз ала, иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ихадароуп. .