Лаша Дарсалиа  - Ҳара украинатәи аган иаахҵәаны аҳәара рзықәҳаргылеит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, аха, иацтәи аиҧылараан украинатәи адипломат ашаҳаҭгақәа изцәыримгеит  
Лаша Дарсалиа  - Ҳара украинатәи аган иаахҵәаны аҳәара рзықәҳаргылеит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, аха, иацтәи аиҧылараан украинатәи адипломат ашаҳаҭгақәа изцәыримгеит  

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа иҳәамҭала,   иацы, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы,  ақырҭуа аган Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак иҧылеит. Ақырҭуа аган агәынамӡара аадырҧшит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалганы Урыстәылаҟа аконтрабандатә аидара мҩаныргоит ҳәа украинатәи аган иаладырҵәаз, шьаҭак зҵам  аинформациа иадҳәаланы.

«Ҳара украинатәи аган иаахҵәаны аҳәара рзықәҳаргылеит дара иҟарҵаз ахарадҵара зыршаҳаҭуа ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, аха,  ҳаиҧылара зызку азы заанаҵы адырра шраҳҭазгьы, иацтәи аиҧылараҿы  украинатәи адипломат  ашаҳаҭгақәа изцәыримгеит», — иҳәеит  Лаша Дарсалиа.

Дарсалиа иажәақәа рыла, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан абри аҩыза ахарадҵарақәа адеструктивтә ҟазшьа шрымоу, ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи Қырҭтәыла ашәарҭадареи  ишырҧырхагоу,  атәыла ахьӡ шыладырҟәо.

Иара убас, Дарсалиа иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла наҟ-наҟгьы ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии форматқәа зегьы рҿы Украина ишадгыло.