Лаҵара 30-31 рзы Каха Калаӡе аофициалтә визитла Бухарест даҭаауеит
Лаҵара 30-31 рзы Каха Калаӡе аофициалтә визитла Бухарест даҭаауеит

Лаҵара 30-31 рзы  Қарҭ ахада Каха Калаӡе аофициалтә визитла Бухарест даҭаауеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара Бухарест ахада Никушор Дан диҧылоит. Ақалақьқәа рхадацәа Қарҭи Бухарести рыбжьара аусеицура иазку  аиқәшҳаҭра рнапы аҵарҩуеит.

Иара убас, Бухарест, аҳ Михаи I ихьӡала иҟоу апарк аҿы, Шоҭа Русҭавели ибиуст аадыртуеит.